Гарри Саманба: даҳзымыхьчеит Сергеи, уи иҟамзаара ҳныԥшуеит
Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзы Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа акомандаҟаҵаҩыс иҟаз, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Сергеи Дбар диижьҭеи 72 шықәса ҵуеит. Аԥсны Аиааира аагаразы илагала дазааҭгылоит, Аԥсны Афырхаҵа Гарри Саманба.