Ердинч Аҭеиба: Аԥсныҟа шықәсык сымцар, сгәы сыхьуеит
Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь азааигәара иҟоу аԥсуа қыҭа Қаиалар (Хәаԥ) еиҿкаау Адернеқь аиҳабы Ердинч Аҭеиба иаҳзеиҭеиҳәеит, араҟа инхо аԥсуаа уахи-ҽни рыԥсадгьыл гәакьа ргәы ишҭоу, хәыцырҭас ишрымоу.