Адлеиԥҳа: аԥхынтәи алагерь аҿы ахәыҷқәа бзиа ирбо рнапы алакызаауеит
Алашарбага аҳаблаҿ еиҿкаау аԥхынтәи алагерь ахь ҩымз ирылагӡаны инеирц рылшоит 400-ҩык ахәыҷқәа. Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҵара усбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа.