Иури Ӡиӡариа: аамҭа иақәыршәаны ҳныҟәар, Аԥсны ҳара ҳныҟәнагартә иҟоуп
Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш инамаданы Аҟәа, Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿ имҩаԥысит ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа. Уи иалахәыз Иури Ӡиӡариа иазгәаиҭеит - Ахьыԥшымра азхаҵара амш аԥсуаа шәышықәса иззыԥшыз шаку.