Инаԥшьба еиҭеиҳәеит аԥсуааи Никарагуа инхои злеиԥшу атәы
Латынтәи Америка ареспублика Никарагуа аҩбатәи тәылоуп Урыстәыла анаҩсан хара имгакәа Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз. Уи ҟалеит цәыббра хԥа 2008 шықәсазы. Апсуа телехәапшра ажурналист Даур Инапшьба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы игәалаиршәоит 2010 шықәсазы Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь напхгара ззиуаз аделегациа Никарагуа ишаҭааз.