Анқәабԥҳа: аетнографиатә експедициа исеилнаркааит аҭоурых - аҳәынҭқарра ишашьаҭоу
Мызкы аҩныҵҟа Абгархықәи Аҷандареи ақыҭақәа рҿы аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа имҩаԥыргон аетнографиатә експедициа. Уи алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт адиалектологиатә лабораториа аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Альбина Анқәабԥҳа.