"Сҳамҭа - Аԥсноуп, иҳамоу ҳхақәиҭра ауп": Шьандуан Ажәанба игәалашәаразы
Зыԥсадгьыли зыуаажәлари рлахьынҵа еснагь гәыҵхас измаз, забацәа рџьынџь дгьыл ахь нхара аара зылзыршаз Шьандуан Ажәанба ара дшыҟаз ауп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра шихьӡаз. Убри ианаркны иахьа уажәраанӡа иуаажәлар дрылагылан, бџьаршьҭыхла иԥсадгьыл ихьчеит, фырхаҵарыла иуалԥшьа наигӡеит.