Ҷкотуаԥҳа: дарбанзаалак илшоит иқалақь иара изыманшәалахартә еиԥш аҟаҵара
Ԥсахшьас иамоузеи ақалақь уи анхаҩцәа рзы иманшәалахарцаз абри атәы иалацәажәон Аҟәа имҩаԥысуаз аурбанисттә форум аҿы. Архитектор Мадина Ҷкотуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәалҭеит ауааԥсыра рнапала ақалақь аԥсахра шрылшо.