Ԥлиаԥҳа: ажәлар еицҿакны иалырхуа аус ицура иаҳа иманшәалахоит
Аҟәа ақалакьтә еизара имҩаԥнагеит аилатәара ақалакь ахада иалхраз алшара рыҭазарц ауаапсыра рхаҭакәа, уи шьақәырӷәгәазарц ареферендум амҩаԥгарала. Адепутатцәа ирыдыркылаз ақәҵара ахҳәаа азыҟалҵеит Зураб Ачба ихьӡ зху аҵаратә центр "Ақәымчра змам адунеи "аиҳабы, ААУ аполитогиа акафедра адоцент Далила Ԥлиаԥҳа.