Кәарҷиаԥҳа "Росатом ашкол" апроект азы: Аԥсны иалагалазҭгьы иқәҿиарахон аҵарадырразы
Ахәыҷқәа рааӡараҿы аҵарадырратә технологиақәа ирызку арҵаҩцәа рзы асеминар мҩаԥысит Пицунда. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ироуз аԥышәа арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Аҟәатәи 15-тәи абжьаратә школ афизика арҵаҩы Зурида Кәарҷиаԥҳа.