Ашәаҳәаратә проект "Ты супер!" аҩбатәи асезон аусура хацнаркуеит
Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы ашәаҳәаратә проект "Ты супер!"- ателеканал НТВ-и, аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik еицырзеиԥшу проектуп. Аицлабра алахәылацәа ироуеит алшара атәыла иреиӷьу арҵаҩцәа, азыҟаҵаҩцәа аус рыцура, рхы аарԥшра, аҩызцәа ҿыцқәа рыԥшаара.