Амҷԥҳа Германиатәи акомпозиторцәа рхеилак алалара иазкны: зынӡа сазыԥшӡамызт
Иҳаҩсыз ашықәс ахыркәшамҭаз Германиатәи акомпозиторцәа рхеилак далахәылан дҟалеит Аԥснынтә Германиа иҟоу, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Хьыбла Амчыԥҳа.
Иҳаҩсыз ашықәс ахыркәшамҭаз Германиатәи акомпозиторцәа рхеилак далахәылан дҟалеит Аԥснынтә Германиа иҟоу, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Хьыбла Амчыԥҳа.
Иахьа, имаҷӡам Аԥсны иҳамоу, зыхьӡ хара инаҩхьоу асахьаҭыхыҩцәа. Убраҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп, Галина Габиел-иԥҳа Аҭеиԥҳагьы. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәҩы Галина Аҭеиԥҳа, даныхәыҷыз инаркны лзанааҭ бзиа илбеит. Иахьанӡа, аҟаза лнапы иҵҵхьеит 800 инарзынаԥшуа усумҭа.
Арадио Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" захьӡу аҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника шәыдаагалоит, иара хацыркуп нанҳәа 14 2017 шықәса инаркны.
Аҭоурыхтә мзызқәа еиҟәыршаз ҳауаажәлар, ишдыру еиԥш, адунеи иԥсаҟьаны иалаԥсоуп. Урҭ зхылҵшьҭроу рмилаҭтә хаҿра амырӡразы, иахьынхоу аҭыԥқәа рҿы еиҿкааны ирымоуп ахеидкылақәа, иахьырҵо рбызшәа, рҵас, рқьабз.
Ҳџьынџьуаа рмилаҭтә хаҿра дмырӡрарц лассы-лассы ҳаибабалароуп, абри атәы иҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Дбар.
Мрагыларатәи амзар излаҳнарбо ала, 2018-тәи ашықәс, ала иашықәсуп. Ауаҩи алеи реизыҟазаашьа акырӡа шықәса ахыҵуеит, рыпатуеиқәҵашьагьы убас иҟоуп. Ала, еиуеиԥшым ажәларқәа рҟны асимволқәа еицырзеиԥшу шыҟоугьы, дара рхатә ҷыдарақәа рымоуп. Урҭ ртәы дазааҭгылоит аетнограф Цира Габниаԥҳа.
2017 шықәсазы акультуратә хҭыскқәа зеиԥшраз, насгьы Ашықәс Ҿыц азы ҳаззыԥшу ртәы дазааҭгылет Sputnik Аԥсны арадиостудиаҟны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.
Ашықәс Ҿыц – доусы игәыӷрақәа здиҳәалоу ныҳәоуп, 365 мши ҵхи иазыԥшуп ахәыҷқәа. Ҳара адуцәа ҳакәзаргьы, ҳгәаҵаҿы иҭоуп, зны анашанеи агәырӷьареи ацны, даҽазны инагӡамхаз ҳгәыӷрақәа аманы.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
103news.com — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.
Музыкальные новости