Аџьԥҳа: асоциалтә усзуҩцәа аҩны ацхыраара рырҭоит 170-ҩык зхы иамыхәо ауаа
Иахьатәи амш азы Аԥсны ахы-аҵыхәа 170-ҩык иреиҳаны ари апрограмма ацхыраара рынаҭоит, 65 –ҩык асоциалтә усзуҩцәа рымаҵ руеит, абри атәы лҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны Аԥсны аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра иатәу атәыла ауааԥсыра ацхыраара рыҭареи асоциалтә программақәа рыла реиқәыршәареи русбарҭа аиҳабы Инна Аџьԥҳа.