Гамсаниаԥҳа: аԥҳәызбагьы аҳәынҭқарра амаҵ азылуртә дҟалар алшоит
Аӷьараҳәа иҟоу, зыԥсы цқьоу аԥҳәызбагьы аҳәынҭқарра амаҵ луртә дҟалар алшоит, абри аҩыза агәаанагара лҳәеит Sputnik Аԥсны арадиостудиаҟны ауаажәларра-политикатә усзуҩы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Емма Гамсаниаԥҳа.