Арвелод Ҭарба Фазлыбеи Ҟәыруа изкны: аҟазара ашьаҭа сиркит
![Арвелод Ҭарба Фазлыбеи Ҟәыруа изкны: аҟазара ашьаҭа сиркит](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images/102207/40/1022074091.jpg)
Аԥсуа кәашаҩы, ахареограф, "Ашәаҳәареи акәашареи рансамль" абалетмеистер хада, Аԥсны Жәлар рартист Фазлыбеи Ҟәыруа иԥсы ҭазҭгьы апрель 9 рзы ихыҵуазаарын 80 шықәса. Ансамбль "Кавказ" адиректор, асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит, ҟазак иаҳасабала ишьақәгылараҿы Фазлыбеи Ҟәыруа илагала шдуу.