Анқәабԥҳа: исҭахуп аԥсуа журналистика аҭҵаара знапы алазкуа аҿар аҵагыларц
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ҿыц иалалаз, ажурнала "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Альбина Анқәабԥҳа Sputnik акорреспондент даниацәажәоз илҳәеит аԥсуа журналистика аҟны аҭҵаара знапы алазкыша, аналитика ҟазҵо аҿарацәа цәырҵыр шылҭаху.