Карчаа: Аԥсны астолтә ԥкьаҭымпыл аԥеиԥш амоуп егьырҭ аспортхкқәа реиԥшгьы
Аԥсны астолтә ԥкьаҭымпыл афедерациа ахада Беслан Карчаа арадио Sputnik аҟны иҳәеит зҽазыҟазҵо ахәыҷқәа рзы Аԥсны анҭыҵ атурнирқәа рхалархәра аԥышәа ду шырнаҭо атәы.
Аԥсны астолтә ԥкьаҭымпыл афедерациа ахада Беслан Карчаа арадио Sputnik аҟны иҳәеит зҽазыҟазҵо ахәыҷқәа рзы Аԥсны анҭыҵ атурнирқәа рхалархәра аԥышәа ду шырнаҭо атәы.
Ахәыҷқәа рааӡараҿы ашколи аҭаацәеи рлагала атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир ала ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы лгәаанагара лҳәеит ан, анду Кама Хәарааԥҳа.
Аԥсуаа ҳдоуҳатә культура ухаҿы иузаамгар ҟалап ашәышықәсақәа зхыҵуа, абиԥарала еимырдоз жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа рыда. Жәаҳәарада, урҭ аҿаԥыцтә рҿиамҭақәа гәылырҭәаауп жәлар рҟәышрала, иреиӷьу ахшыҩҵакқәа рнубаалоит. Адгьыл иҵхәраауа аӡыхьқәа реиԥш ицқьоуп. Ҭабара Анцәа ирықәумҵан!
Аԥсны аекологиатә институт аузуҩ, ААУ адоцент Асида Ахсалба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иахьа аинститут аҿы аусура шышьақәгылоу атәы.
Ҳажəлар ирхыргаз амҳаџьырра иахҟьаны, ишдыру еиҧш, ҳхылҵшьҭрақəа рыхəҭа дук атəым тəылақəа ирылаҧсоуп. Иҳабжьаз аихатə гəашəқəа аатуа ианалага, маҷ-маҷ акəзаргьы рҭоурыхтə ҧсадгьыл иазыхынҳəуа иалагеит ҳџьынџьуаа, иҿыцəаахьаз рабдуцəа рхəышҭаарамцақəа еиқəырҵоит, еибаҧшаауеит еицəыӡхьаз аижəлантəқəа, аишьцəа.
Аԥсны инхо атәым милаҭқәа ахымҩаԥгашьаҿы аԥсуаа иаҳҿыԥшуа аҟаҵара ҳуалуп ҳәа азгәалҭеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ева Ҭаниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа амҩан дзықәшәаз ҭоурыхк аҿырԥшала дазааҭгылоит ауаатәыҩса ҳаилазаараҿы "аизыразра аимхәыц" аԥымҵәара аҵак ду шамоу.
Ажәытә аԥсуа маҭәарқәа реизгареи, реибыҭареи, жәлар ринструментқәа рыҟаҵареи ирызҿлымҳау Геннади Платон-иԥа Ҵәыџьба иаҳзеиҭеиҳәеит ари аус инаҭо аинтереси, агәахәара дуи ртәы.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
103news.com — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.
Музыкальные новости