"Хьӡы алоугааит!": аԥсуаа рабџьар аныҟәгашьа
Ҳара ҳазнысхьоу ҳҭоурых мҩаду, ҳԥышәа иаҳнарҵахьеит - аԥсуа ҳәынҭқарра баагәарас иамоу – иара зыхьчо бџьарла еиқәныху ажәлар роуп. Аха уи абџьар аныҟәгашьеи ахархәашьеи ахатә ԥҟарақәа ирықәныҟәатәуп. Абри иазкуп Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиеи антропологиеи рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ, ААУ адоцент Марина Барцыцԥҳа иахьатәи лматериал.