Габлиа: Аԥсныи Урыстәылеи ртранспорттә усбарҭақәа аҳәааҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит
Атуристтә сезон ҿыци атранспорттә мҩақәеи захьӡу азҵаатәы иалацәажәон арадио Sputniк Аԥсны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы. Аҳәынҭқарратә усбарҭа ахада Рабсҭан Габлиа иҳәеит агәаҭарҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы атуристтә аамҭазы иҟоу агәаранқәа ирызкны Урыстәыла рколлегацәеи дареи имҩаԥырго аиҿцәажәарақәа ртәы.