Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҩӡба приморсктәи аӡырԥхақәа русура иазкны
Приморск ақыҭаҟны иҟоу аӡырԥхатә комплекс аиҳабы Руслан Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит атуристтә обиект аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, аҿкы рыҽшацәырыхьчо атәы.
Приморск ақыҭаҟны иҟоу аӡырԥхатә комплекс аиҳабы Руслан Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит атуристтә обиект аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, аҿкы рыҽшацәырыхьчо атәы.
Аҩнеихагылақәа рырзҩыдара аус рнапы алакын Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа быжьҩык.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зыхьхьоу ҳәа ишьақәыргылоу рхыԥхьаӡара 610-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 165-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, фҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 1,5 нызқьҩык аруаа, 400 ак арратә техника, БТР-80 иақәгыло акомандаҟаҵара-штабтә машьынақәа, арадиостанциа "Азарт", а мобилтә радиорелеинтә хархәагақәа назлоу.
Гуар – аҟәыджәла иатәу ҳаскьынтә ҵиаауп. Ари акультура аиҳарак Индиеи Пакистани иаадрыхуеит.
25 шықәса раԥхьа цәыббрамза 11 рзы Аҟәа зыҩны ашәхымс аҿы дыршьит аҵарауаҩ ду, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитикатә усзуҩы Иури Воронов. Археолог Шандор Ҟаитан арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аҿарацәа рзы Воронов иусумҭақәа акы ишаламҩашьо.
Аҵаратә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 200-ҩык рҟынӡа арратә база аррамаҵзурауаа, БТР-82АМ аекипажқәа рылархәны.
Аруаа жәларбжьаратәи рыхәмаррақәа рҟны Аԥсны агәыԥ анапхгаҩы, амаиор Алиас Уанаҿа арадио Sputnik аефир аҟны ахәмаррақәа рлыҵшәа атәы еиҭеиҳәеит.
Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитикатә усзуҩ, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ Иури Воронов дыршьит цәыббра 11, 1995 шықәса рзы.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны акоронавирус аҽарцәгьара иаҿуп. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа абри аҩыза аҭагылазаашьаҟны аԥсуаа ачарақәеи, аԥсрақәеи, аԥсхәрақәеи еиҵыхны иахьымҩаԥырго шәарҭарас иаҵоу, уи аанкылашьас иамоу азы лгәаанагара лҳәоит.
Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра аамзтәи аусуразы аҳасабырба ҟанаҵеит. Иахьатәи аамҭазы ашәахтәқәа рылгара аус шеиҿкаау атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Гьаргь Габуниа.
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб дидикылеит Аԥсны аԥгаԥсатә фонд ахантәаҩы Бакәыр Бебиа.
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа идҵа инақәыршәаны ААУ аҟны аҵаратә процесс хацыркхараны иҟан цәыббра 14 рзы.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
103news.com — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.
Музыкальные новости